Затулин: аҩбатәи атур ахь днеит Ҳаџьымба, лассы аҩбатәи акандидат деилкаахоит

Заанаҵтәи аихшьаалақәа рыла аԥыжәара имоуп Рауль Ҳаџьымба, уи ишьҭанеиуеит абжьқәа рхыԥхьаӡарала рацәак еиҩызымго Алхас Кәыҵниеи Олег Аршбеи.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 26 - Sputnik. Алхрақәа аҩбатәи ртур ахь днеит Рауль Ҳаџьымба, уажәы аҩбатәи акандидат - Алхас Кәыҵниа ма Олег Аршба - деилкаахоит иҳәеит Аԥсны иааны иҟоу Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа аиҳабы Константин Затулин.

"2011 шықәса раан еиԥш хҩык акандидатцәа рзы абжьеихшара иаанарԥшуеит ажәлар ргәыӷрақәа рыкризис", - иҳәоит Затулин.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, акандидат Олег Аршба иштаб аҿы иазхарҵеит Алхас Кәыҵниа иԥыжәара.

Константин Затулин иазгәеиҭеит Аҳәынҭдума аделегациа 36 алхырҭатә ҭыԥ ишырҭааз. Шамахамзар анаԥшыҩцәа аӡәгьы аилагарақәа азгәарымҭеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: