Ҳаџьымбеи Кәыҵниеи аҩбатәи атур ахь инеит

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи аҩбатәи атур ахь инеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи аҩбатәи атур ахь инеит. Абри атәы ҳәан ареспублика Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

АКХ адыррақәа рыла, Рауль Ҳаџьымба 23,85 % абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа - 21,97%. Олег Аршба - 21,60%, Асҭамыр Ҭарба - 6,60% , Алмас Џьапуа - 2%, Леонид Ӡаԥшьба - 5,70%, Шамил Аӡынба - 4,14%, Асҭамыр Какалиа - 0,97%, Артур Анқәаб - 1,60%. Алхрақәа ирылахәын 86 138–ҩык алхыҩцәа, процентла уи шьақәнаргылоит 66,55%.

Ахыркәшаратә еихшьаалақәа мҩаԥгахоит хымш рышьҭахь.

Уаанӡа акандидат Олега Аршба икоманда Алхас Кәыҵниа аҩбатәи атур ахь дышнеиз азхарҵеит.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Нанҳәа 25 рзы имҩаԥысыз абжьыҭарақәа рылҵшәақәа рыла, кандидаткгьы азеиԥш бжьқәа рҟынтәи 50%-и бжьыки ахьимоуз азы алхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит. Уи цәыббра 8 рзы имҩаԥысуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: