Арадио

Алхас Кәарацхьелиа еиҭеиҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра зеиԥшроу

Дәрыԥшь ақыҭан инхо Алхас Кәарацхьелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра зеиԥшроу.
Sputnik
Алхас Кәарацхьелиа еиҭеиҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра зеиԥшроу

"Даара ибзиоуп  ажь иахьа ҳазлахәаԥшуа ала. Хәыҷык аарҩара иамакны иҟан, аха аҽаҩра иҟоу ҵыԥх аасҭа сынтәа еиӷьуп. Аамҭа шыҟоу ала ҳаргьы ҳацхраауеит, ажь ишахәҭоу аус адаҳулоит, иаҳрашәоит, авҵиаақәа амаҳхуеит, ахәшә ақәҳҭәоит. Аџьабаа рацәа ацуп. Егьырҭ ашәыр хкқәагьы ахылаԥшра рҭахуп, иахьатәи аамҭазы апты ыҟоуп, егьырҭ ахәаҷа хкқәа еиуеиԥшым, зегьы напы рыдкылатәуп, ус анакәымха иԥхасҭахоит", - иҳәеит  Кәарацхьелиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: