Иури Аӡынба: ирацәоуп иӡыз аԥсуа ажь хкқәа, реиқәырхара ҳаҿуп

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраажь
ажь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аӡахәаҭрақәа ахәаҷа-маҷа ишацәырыхьчои ажәытә ажь хкқәа шеиҭадырхынҳәуеи ртәы шәаԥхьар алшоит Sputnik аматериал аҿы.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Филлоксер захьӡу ачымазара иахароуп XX ашәышықәса алагамҭазы аԥсуа ажь хкқәа жәпакы рыӡра ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ИАЕ "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" гәымсҭатәи абаҳча аиҳабы Иури Аӡынба.

Челентано еиԥш акәымзаргьы: аԥсуа ҩы Дәрыԥшьаа ишыҟарҵо

"Апроблема Европа ахы ыҵнахит. Уахьынтәи иааргоз аӡахәашьапқәа ирыланы арахь иқәнагалеит ачымазарагьы. Кьылашәыр иахьаҵанакуаз мацара 70 000 шьаҭа аӡахәы ықәхын", - еиҭеиҳәоит Аӡынба.

Аӡынба иажәақәа рыла аҷыҷкаҵа аԥхьа ажьшьаҭа иагәылалоит, маҷ-маҷгьы иарбаауеит.

Филлоксера иахҟьаны иӡит имаҷымкәа аԥсуажь-хкқәа. Еиқәырхоу маҷуп: акачыч, ачандаратәи ажьеиқәаҵәа, ажьшкәакәа, аӷбажь, млахуы, ауасархуа. Аха урҭгьы зынӡа имаҷноуп ишынхаз.

Агроном ишиҳәо ала филлоксер зынӡа аиааира залымшеит. Аԥсны макьанагьы иуԥылоит уи ачымазара.

Амармалташь пты– аригьы аӡахәаарыхра иаԥырхагоу акоуп. ИАЕ "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" иалшо зегь ҟанаҵоит апты ақәгаразы, аха уигьы макьаназы алҵшәа хра амам.

Валери Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Ҩышә шықәса зхыҵуа аӡахәашьапы: аԥсуа ажь хкқәа еиҭашьақәдыргылеит

"Ажь аиқәырхаразы ҳхы иаҳархәоит: "акарицид", "инсекта", "фунгицид". Апты анырҵәаразы иацаҳҵоит аинсектицидқәа", - еиҭеиҳәоит Аӡынба.

Апты ақәгаразы макьана иалшом, ахыԥхьаӡара аиҵатәра заҵәык ауп узықәгәыӷша.

2019 шықәса рзы ИАЕ "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" Аԥсныҟа даарыԥхьеит Ҭырқәтәылантәи аҵарауаҩ, апрофессор Гекхан Соулемазоглу азауад аӡахәаплантациақәа рзеиԥшхьчараҿ ацхыраара ҟаиҵарц. Аҳәаанырцәтәи аҟазауаҩ илкаақәа угәы еиқәырҳәалартә иҟоуп, аҩыҟаҵаҩцәа аргәырӷьеит.

"Ҳаплантациақәа зегьы дырҭааит. Иазгәеиҭеит рҭагылазаашьа шыцәгьам. Иҟоуп иҳагқәогьы. Урҭ ҳаргьы иаадыруеит аха аԥара рацәа аҭахуп", - еиҭеиҳәоит агроном.

Аӡынба иажәақәа рыла аԥсуа ажь хкқәа еиҭашьақәдыргылараны иҟоу ааглыхратә хышәа-ҵышәа аҟынӡа изыҩаӡом макьаназ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0