Аахыҵ Уаԥстәылатәи амчрақәа Қырҭтәыла аҳәааҿ рҽеизыркит

Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаа иаԥну араионқәа дырҭааит ареспублика ахада Анатоли Бибилов, азинмчратә усбарҭақәа адҵа риҭеит рхы шымҩаԥыргаша азы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 29 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылатәи амчрақәа еиҿыркааит Знауртәи араион ақыҭа Уиста (Цнелис) иахьаҵанакуа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы аотриад ҷыда ҳәа Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла иазеиҭалҳәеит ареспублика Ашәарҭадаратә хеилак апресс-маҵзура анапхгаҩы Екатерина Биазрова.

Аибарххаратә ҭагылазаашьа ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь инагоуп АШәМ, ОМОН уҳәа егьырҭ амчратә еилазаарақәа.

"Уиста ақыҭа ааигәара закәаншьаҭада аблокпост аргылара зҽазызшәо ақырҭуа еибашьцәа иҟарҵо аҭакс арҭ аҭыԥқәа рахь инагоуп АШәМ, ОМОН уҳәа егьырҭ амчратә еилазаарақәа", - лҳәоит Биазрова.

Биазрова лажәақәа рыла, атехника хьанҭа аҭыԥ иаԥыргоуп, аха аусурақәа шцац ицоит. Аусуҩцәа ргәыԥ ҿыц аагоуп, аргыларатә маҭәахәқәа еидыркылоит.

Ҩ- еибашьрак ргәалашәареи, рхьааи, рҵакыи

"Аблокпост ахьдыргыло аҭыԥ аҿы ақырҭуа полициеи Евроеидгыла анаԥшыҩцәеи шыҟац иҟоуп", - лҳәоит Биазрова.

Уаанӡа Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәаахьчаҩцәа акәылӡтәы техника ала ареид мҩаԥыргеит аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы.

Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла "Град" ала ареспублика иалахысуа иажәланы аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит.

Абри ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа, нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: