Ҩ- еибашьрак ргәалашәареи, рхьааи, рҵакыи

© Sputnik Лана Парастаеваархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ-Уаԥстәыла иану аибашьра ахәрақәа хаҭала илбахьеит, ауаԥс жәлар рхьаагара, ргәырҩа, ргәыӷра изныкымкәа илаҳахьеит, анҵамҭақәагьы рзылкхьеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа. Урҭ ирызку лыгәҭахәыцрақәа ирызкуп ишәыдаагало анҵамҭа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҳхәыҷра ашықәсқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аԥсуа-ақырҭуатә еибашьра иаҳзыннажьыз ахьаагара зцыз ахәрақәа еиҳагьы иҿыхеит Аахыҵ-Уаԥстәыла излагаз аибашьра аӡбахә анҳаҳа. Аԥсуааи ауаԥсааи иҟалап иҳамазар иаҳзеиԥшу ҭоурыхтә лахьынҵак. Аха, афырхаҵареи аиашареи злоу ҳажәларқәа аӷа иҿаԥхьа ахыларҟәра рыздыруам. Аԥсадгьыл адоуҳамч ӷәӷәоуп, уи иалиаауеит еснагь иара ахьчаҩцәа.

Далила Пилия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ԥлиаԥҳа: Саакашвили инапала ауааԥсааи аԥсуааи азхарҵартә иҟаиҵеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз исхыҵуан 13 шықәса. Усҟан игоз ахысбыжьқәеи итҟәацуаз абомбақәа рышьҭыбжьи уажәыгь слымҳа иҭыҩуашәа сгәы иабоит аибашьра иацу ахҭысқәа санрызхьаԥшуа. Сыбла ихыҵуам ахааназы Џьгьарда ақыҭа ихәны иааргоз аибашьцәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраарара ахьрырҭоз аҭыԥ, еиҳаракгьы ихәны ишьны иҟаз аибашьцәа атракторқәеи амашьынақәеи ианрықәырхуаз аамҭа…

Еизаны игылаз аҳәса ас еиԥш аҷкәынцәа кахәхәа ианааиварҵалак, изусҭцәаз шырзымдыруазгьы "шәан, шәан…" ҳәа амыткәма ҳәаны аҵәыуара иналагон. Ишьыз ихәыз рхыԥхьаӡараҿы иҟан хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәагьы. Еиҳараҩык рҭаацәа ирцәыбналаны Аԥсны ахьчара иаҳзаақәаз …

Аамҭа иахәышәтәуеит рҳәоит угәы иану ахәрақәа, иҟалап ус акәзаргьы, аха агәалашәарақәа рышьҭа -мап.

Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьра иалагеит ҳәа анҳаҳаҳа, иаҳдыруан ажәа аибашьра иаанагоз аҵакы, уи иацыз ашьаарҵәыратә хҭысқәагьы. Изныкымкәа аибашьра амцашыра иалагылахьаз ауаԥс жәлар ҩаԥхьа раԥхьа ишьҭан бџьаршьҭыхла Аԥсадгьыл ахьчара, рыжәлар реиқәырхара, уи егьрылдыршеит. Сара снапы злаку арҿиаратә занааҭ инамаданы, изныкымкәа исқәашьхахьан Уаԥстәылаҟа ацара, уа инхоз ауаԥсаа рыҿцәажәара, хаҭала ауаԥс еибашьцәа рбара, рҭаацәарақәа рҭаара, иара убас уахь ицоз Аԥснытәи аделегациақәа журналистк лаҳасабала реилазаара алахәхара.

Раԥхьаӡа акәны ауаԥс дгьыл сшьапы анықәсыргыла избаз ихамшҭыху сахьаны иаанхеит "Заратәи атрагедиа"… Ибылны, иццышәны икажьыз амашьынақәа, уаҟа ақырҭқәа гәымбылџьбарыла иҭадырхеит аҭынч уааԥсыра, ахәыҷы-аду еилых ҟамҵакәа.

Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Ашәба: шьала икәабаны иааҳгаз ҳиааира ду - алҵшәа аиуит жәашықәса раԥхьа

Ақалақь ҳҽагәылаҳхало ҳаналага зегьы еилаԥыххаа еилажьын, ана-ара ажәҩан лашьца иаалҵны ауаԥс жәлар аҭынч ԥсҭазаара рыҽшазыҟарҵоз убон, иаахҵәаны иуҳәозар, ақалақь шәыла иҭалаҳан.

Иаҳбаз рахьтә иҟоуп Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, уааҭгыланы уаахәыцыр ирԥеиԥшыз арҭ арԥарцәа, рыԥсҭазаара шықәсыла ишгәылҭәаамхацызгьы изныкымкәа аибашьра рԥеиԥшхеит. Сыбла ихыҵуам сара уаҟа сзықәшәаз аԥҳәыс бырг лхаҿсахьа. Лара хҩык ахшара дранын. Лԥацәа руаӡәк Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы дҭахеит, аҩбатәи иара иԥсадгьыл аҟны, илзынхаз лыԥҳа шықәсқәак ааҵуаны илыхьыз ачымазара бааԥсы дагеит. Аснариад зықәҳаны иҟәыбаса игылаз лыҩны азбжак аҟны иҵәахны илымоуп лхәыҷқәа рпатреҭқәа, лара излалҳәаз ала ианыгәхьаалгалак, адунеи дамкуа даныҟалалак иаацәырганы днахәаԥшуеит, нас зымҩа инаганы, рхы-рҿқәа лнапы нахьшьны акыр дахӡыӡаауа илҵәахуеит.

Ари аԥхәыс бырг лыбла агәы иаҵәақәа алаӷырӡ ишабылхьазгьы, ирхыз агәаҟреи агәырҩеи дыриааины дгәыкӡа днаҳахәаԥшит, азныказы иҟалҵара дақәымшәо даабӷаӷеит, ашьҭахь лымчқәа зегьы еизылкзар акәхап, дааԥышәарчаан "шәааи аҩныҟа", - лҳәеит. Хашҭшьаз иамоузеи аибашьра хлымӡаах ари аԥхәыс бырг лажәра шареиқәаҵәаз атәы. Ҩыџьа лдауаԥшьқәеи, лыԥҳа ԥшӡеи анышә иаҭаны, лара лзы игьамдахаз аԥсҭазаара абла аҭаԥшра ҵакыдагәышьан.

Изныкымкәа ауаԥс дгьыл аҿы икаҭәахьоу ашьаарҵәыра иалҵхьоу ажәлар ргәы камыжькәа аҭынч ԥсҭазаара иазықәԥоит, рмилаҭи рыжәлари реиқәырхара иашьҭоуп. Усҟан сахьынаԥшааԥшуаз зегьынџьара иҟамызт дгьылҿаҵакгьы аибашьра атәы угәалазмыршәоз ҭыԥк, ана танк аԥҽыха, ара иблыз амашьына, егьирахь иҟәыбаса икажьыз ахыбрақәа, ус шаҟа хкы… Абарҭқәа зегьы ҳара ҳаибашьра аасгәаланаршәон, ҳарҭгьы уи аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьа ҳақәдмыршәеи ҳаӷацәа. Исгәалашәоит зыҷкәынзаҵә аибашьраҿы дҭахаз ан лажәақәа: "Ҳашьцәа Аԥснаа, ҳаҷкәынцәа, ақырҭуак дахьыжәбалак ахааназы игәра шәымган, урҭ лақәоуп, маӡала ицҳауеит. Саргьы сыҷкәын аибашьра адәаҟынтә изыхнымҳәыз иан соуп. Урҭ хацәан, хаҵаҵас рхы аадырԥшит. Иахьа ҳаҩжәларык ҳбираҟқәа ҳрызгәыдуны иаҳкуп. Ҳҿар уи иахӡыӡааны, ишьҭыхны ԥхьаҟа иргароуп".

Ақалақь агәаны ԥхәыс қәыԥшк наҟ-ааҟ ахәыҷкәа рнапы кны дышныҟәоз сыбла налықәшәеит. Ҳарҭ машьынала уажәшьҭа Аԥсныҟа амҩа ҳанықәлоз амш азакәын. Амашьына аԥсҟы зкыз сиҳәеит иааникыларц, исҭаххеит аԥҳәыс лааигәа снеирц, ажәақәак лсырҳәарц. Сшаԥсыуаз анласҳәа, акыраамҭа саулмышьҭуа саалгәыдлыҳәҳәалеит, аччареи аҵәыуареи деимаркуа ус салҳәеит: "Арҭ смаҭацәа роуп, аибашьра еибганы иалҵыз сыҷкәын итәқәа роуп. Иахьа амра кахха ишыԥхо еиԥш, ҳажәларқәа еснагь ргәаҵаҿ аԥхарреи аҭынчреи ҭазааит, ҳхәыҷқәа уаҳа хысбжьык рмаҳааит, рҭоурых мырӡкәа рыԥсадгьыл ԥхьаҟа иргааит. Шәахьнеиуа Аԥсны инхоу ҳашьцәа салам ҳазрышәҭа!".  Абас ҵыхәаԥҵәара рымамызт машәырла сзықәшәаз ауаԥс ԥҳәыс лажәақәа, сгәаналагьы саахәыцит, амашьына сынҭыҵны лааигәа сымнеиргьы гәнаҳаран ҳәа.

Гурам Амкуаб - Sputnik Аҧсны
Амқәаб афильм "Ԥсҭазаарак иаҩсуа аҵх" иазкны: акадрқәа рыхәаԥшра уадаҩуп

Ирацәоуп схаҿы иааиуа агәалашәарақәа, ииашангьы исҳәоит, иуадаҩуп схәыцрақәа еидкылангьы ранҵара. Абарҭ ацәаҳәақәа сыҩуанаҵы гәынхәҵысҭала избаз-исаҳаз асахьақәа зегьы сыблаҿы иааиуан, азныказы мап уаҳа ацсымҵап, саҟәыҵып анҵара ҳәагьы аасгәахәуан, избанзар уи ус ажәала иузеиҭаҳәом, жәларык рхьаа аарԥшра сара сзы ус имариаӡам.

Уажәазы абраҟа еиқәысҳәаларц сҭахәуп ауаԥсаа ирыдҳәалоу сыгәҭахәыцрақәа ртәы, аԥхьаҟа хымԥада иацысҵаша рацәоуп, исылшар, аха сҽазысшәап…

Аибашьра аамҭа иалҵны, аҭынч ԥстазаараҿы инхо ауаԥс жәлар агәра ргоит уаҵәтәи амш агәыӷра лашақәа шырзаанаго. Уи азы икаҭәоуп ашьа, иахҭынҵоуп ауаатәыҩса рыԥсҭазаара.

Нагӡара ақәзааит Аԥсныи Аахыҵ-Уаԥстәылеи рыдгьылқәа рҿы ишьақәыргылоу Аиааира, Ахақәиҭра, Ахьыԥшымра!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0