Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит акыр шықәса ирмаӡаз асоветтә материалқәа шҭылҵаауаз

Раԥхьатәи асоветтә бомба Аԥсны аҭыжьра шыҟалаз, насгьы ари атемала Sputnik асаит аҿы иҟоу аматериал аус шадылулоз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Sputnik акоррепондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Sputnik
Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит акыр шықәса ирмаӡаз асоветтә материалқәа шҭылҵаауаз

"Аредакциаҿы исырдыргалеит аматериал, мап сзацәымкит. Сара схаҭа исыздырӡомызт уаанӡа Аԥсны абомба шеиқәдыршәоз. Аинтернет аҿы уи атемала избаз даара иџьасшьеит, истаххеит уи еиҳагьы инарҭбааны иҭысҵаарц. Ауаа, ашәҟәқәа рыԥшаара салагеит. Атема ҭызҵаауаз, алемсаа ара аус аныруаз  згәалашәоз срышьҭалеит, абас хәыҷы-хәыҷла аматерилақәа зегьы tидыскылеит. Аҟәатәи афизика-техникатә институт аусзуҩы Алмасхан Марколиа ари атема ҭиҵаауан акыршықәса, иара даара дсыцхрааит, анаҩс Надежда Венидиктова - лан, лабду, ланду илзеиҭарҳәоз ала илдыруеит уи аамҭа. Алемсаа ара аус аныруаз аҭоурых сзаалыртит. Аматериалқәа иҟоуп "Росатом" асаит аҿы. Ари атемала аинформациа акыр шықәса иҵәахын, уи асоветтә ҳәынҭқарра аполитика акәын, зегьы ирдыруа, ирбо, ираҳауа иҟамызт", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.            

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Нанҳәа 29, 1949 шықәсазы СССР иахьаҵанакуаз раԥхьаӡа акәны атомтә бомба ԥыршәеит. Ԥшьышықәса инарзынаԥшуа уи абомба аԥжәагақәа аԥырҵон, аус рыдырулон Аԥсны, ари аус рнапы алакын ҷыдала Германианитәи ирмаӡаны иааргаз анемец ҵарауаа. Ари атемала иаҳа инарҭбаау аинформациа шәоур шәылшоит атомтә бомбақәа раԥҵара иазкны Sputnik Аԥсны иҟанаҵахьаз аматериалқәа рҟны.