АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. Подмосковие инхо ауаҩԥсы Аԥснынтәи Урыстәыла аҵакырахь арыжәтә ииаигарц иҽазишәеит ҳәа адырраҭара ҟанаҵеит Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа.
Автомашьына Great Wall агәаҭараан ирбеит ашәҟәы иҭагаламыз атауар.
"Амашьына агәаҭараан, амашьына аинструментқәа ахьҭарҵо аҭраҿы арыжәтә аалыҵ ԥшаан. Уа иҵәахын 26 ԥаҭлыка еиуеиԥшым аԥсуа ҩқәа. Аԥаҭлыкақәа улаԥш рықәымшәарц ихҩан аинструментқәеи ахатәы маҭәеи рыла", - аҳәоит аддырраҭараҿы.
Амашьына аидараҭаҵарҭаҿгьы амаҭәақәа ирылаҵәахын даҽа 24 ԥаҭлика ауараш.
"Атауар акцизтә маркақәа ақәмызт. Иааидкыланы аҳәаа ахыгаразы иазырхиан 50 ԥаҭлыка аҩы", - азгәарҭоит аҳазалхыҩцәа.
Атауари амашьынеи аанкылоуп. Атауар аекспертизахь инашьҭуп. Аусҭҵаара хацыркуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Изакәаным атәарҭа: 420 сигареҭ ҭоԥ Аԥсны иалыргарц рҽазыршәеит