Арадио

Ҷҟониа Кындыӷ амҩақәа акаҭран рықәҵаразы: шықәсык аахыс ҳаҿуп

Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа ахада Зорик Ҷҟониа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҿы зеиҭашьықәыргылара иаҿу амҩақәа рзы аусурақәа ахьынӡанагоу.
Sputnik
Ҷҟониа Кындыӷ амҩақәа акаҭран рықәҵаразы: шықәсык аахыс ҳаҿуп

"Амҩақәа ҳарҿуижьҭеи шықәсык еиҳаны иҵуеит. Акаҭран ықәырҵаанӡа иаҭаху зегьы ҟаҵатәуп, аӡымҩангагақәа уҳәа зегьы рҭыԥ иқәҵатәуп. Иахьазы ақыҭаҿы фышә ҭӡы ыҟоуп. Уажәазы аԥсуа қыҭахь 4 километрак ҟаҵоуп. Урҭ рахьынтә 2 акрааҵуеит иҟаҵоижьҭеи, аха аусурақәа аҵыхәтәанынӡа рнагаразы ацхыраара ыҟамызт. Аҳаблаҿы, аинвестпрограмма инақәыршәаны, ҩ-километрак рҟынӡа амҩа ҟаҵоуп, уажәы "Эвкалиптовая роща" ахь километраки хышә метри ықәаҳҵеит, еиҭа 2 500 аанханы иҟоуп. Амҩа ҿыц ақыҭа азы акыр аҵанакуеит, даара иманшәалоуп, зегьы гәырӷьоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷҟониа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: