Хабарда ибжьаӡыз Рымш азгәарҭеит Аҟәа

Адунеи зегь аҿы нанҳәа 30 рзы иазгәарҭоит Хабарда ибжьаӡыз Жәларбжьаратәи рымш.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ауаажәларра рхаҭарнакцәеи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша апарк аҿы игылоу абаҟа аҿаԥхьа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы.

Хабарда ибжьаӡыз зегь еилкаахоит>>

Жанна Ҷҟониаԥҳа лхаҵа хабарда дыбжьаӡит. Аҵыхәтәаны иара дырбеит нанҳәа 18, 1992 шықәса рзы. Акраамҭатәи иԥшаарақәа мҩаԥыргон, аха илҵшәадахеит. Иҭаацәа иахьагьы ихабарк рыздырӡом.

"Абџьар шышьҭихыз аадыруеит. Иҩызцәеи иареи ашьхара рҽарҭеит. Нас ишьҭамҭа ҳцәыӡит. Иԥшаара ҳаҿын. Акомендатурахь дрыман ицеит ҳәа ҳаҳаит, уаҳа акгьы. Хҩык ихшара абыда ирызҳаит", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Хабарда ибжьаӡыз Рымш азгәарҭеит Аҟәа

Гал инхо Лали Отхозориа аибашьраан лҭаацәа ыӡит. Урҭ ахьыҟоу-иахьану ҳәа иахьа уажәраанӡагьы дыррак лымам. Лара ауаажәларратә еиҿкаарақәа акыр дрықәгәыӷуеит.

Аџьар ҟаԥшь Аԥснытәи аԥсыжырҭа ҿыцқәа ҭырҵаауеит>>

"Аиҿкаара "Аԥсны анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи азы" рхаҭарнакцәа изныкымкәа иаҳҭааит. Хабарда ибжьаӡыз рзы адыррақәа еизыркуан. Цхыраарак ҳарҭап ҳәа ҳгәыӷуеит", - лҳәоит лара.

Хабарда ибжьаӡыз Рымш азгәарҭеит Аҟәа

Рафида Гәлариаԥҳа лашьа аибашьраан хабарда дыбжьаӡит.

"Сашьа Алхас 20 шықәса ракәын ихыҵуаз аибашьра ианалагаз. Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара иҵон. Саби иареи еивагыланы еибашьуан. Иультәи ажәылараан дыбжьаӡит. Саб иакәзар, Аҟәа агараан дырхәит. Аибашьра ашьҭахь ихәра иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит", - ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Ахәаша, нанҳәа 30 рзы Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥган хабарда ибжьаӡыз зегь рыхьӡала анцәаимҵаныҳәара.

Хабарда ибжьаӡыз Рымш азгәарҭеит Аҟәа

Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи аилак амандат аҳәаақәа ирҭагӡаны, аибашьрақәа раан хабарда ибжьаӡыз рлахьынҵа аилкаара мҩаԥнагоит. Аԥсны иахьагьы 126 ҭаацәара ргәакьацәа рхабар иазыԥшуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: