Аҟәа ақалақь аҿы аӡы ааира еиҭашьақәдыргылоит ахәылԥаз

Аӡхагалагатә станциаҿ аҭыԥ зауз авариа иахҟьаны ашәахьа, цәыббра 2 рзы аҳҭнықалақь ӡыда иаанхеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа ақалақь аҿы аӡы ааира еиҭашьақәдыргылоит ашәахьа, цәыббра 2 ахәылԥаз ҳәа Sputnik иазааицҳаит АУН "Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб.

"Ахәылбыҽха аӡы адәықәлара алҳаршап ҳәа ҳгәыӷуеит. Асааҭ 18 рзеиԥш аӡы ауҳашьҭып ҳгәахәуеит. Афымцатә рныҟәагақәа макьана ибааӡоуп. Аелектрикцәа урҭ хылаԥшра арҭоит. Алшара шааҟалалак аӡы ауҳашьҭуеит", - иҳәеит иара.

Анқәаб иажәақәа рыла, "акраамҭа аус зымуаз атруба ԥжәеит".