Аҵарашықәс ҿыц азы ҳамҭас: Аҽгәара ашкол аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит

Аҽгәаратәи абжьаратә школ аҿы аремонттә усурақәа ирылагеит 2018 шықәсазы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҽгәаратәи абжьаратә школ ныҳәак иаҩызаны иаадыртит цәыббра 2 рзы. Адыррақәа рымш ашкол аҟны иаԥылеит ареспублика ахьыӡрашәа арҳәаралеи абираҟ ашьҭыхралеи. Еизаз дрыдныҳәалеит Очамчыра араион ахада Гиви Допуа.

Аҵарашықәс ҿыц азы ҳамҭас: Аҽгәара ашкол аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит

"Ҳаҭыр зқәу ахәыҷқәа, шәара насыԥс ишәыман ашкол ҿыц аҿы аҵараҵара. Шәара уалс ишәымоуп ибзианы аҵара аҵароуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Иури Иасносакирски аҵаҩцәа ирзеиӷьеишьеит аҵарашықәс қәҿиарала имҩасырц.

Аҵарашықәс ҿыц азы ҳамҭас: Аҽгәара ашкол аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит

"Иахьатәи аамҭа адыррақәа змоу ауаа аҭахуп. Шәышкол шәхамшҭын, ишәгәалашәыршәала. 49 шықәса раԥхьа саргьы шәара шәеиԥш раԥхьатәи сшьаҿа еихызгеит. Иахьа уажәраанӡагьы сырҵаҩцәеи сышколи сгәалашәараҿы иаанхеит", - иҳәеит Допуа.

Ҩбаны еихагылоу ашкол аҿы 12 класс уада ыҟоуп, 300-ҩык ахәыҷқәа акуеит. Иазԥхьагәаҭоуп акттә зал, акрыфарҭа, амаҭәартә уада ҷыдақәа, аспорттә зал.

Аҵарашықәс ҿыц азы ҳамҭас: Аҽгәара ашкол аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит

Иахьазы ашкол аҿы аҵара рҵоит 112-ҩык ахәыҷқәа. Актәи акласс ахь инеит 11-ҩык ахәыҷқәа, аҽазыҟаҵаратә класс ахь - 8-ҩык.

Ашкол ахыбра ааха ӷәӷәа аҭан Аџьынџьтәылатә еибашьраан. 1997 шықәса инаркны Аҽгәаратәи ашкол аҵаҩцәа аҵара рҵон ахатәы ҩнқәа ҩба рҟны. Урҭ руадақәа аурокқәа рымҩаԥгара иашьашәало иҟаҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: