Арадио

Ахԥҳа еиҭалҳәеит цәыббрамзазы амш зеиԥшрахо атәы

Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи ргәаҭара аҟәша аспециалист хада Лариса Ахԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит цәыббрамзазы амшқәа зеиԥшрахо атәы.
Sputnik
Ахԥҳа еиҭалҳәеит цәыббрамзазы амш зеиԥшрахо атәы

"Ҭагалан раԥхьатәи амзазы аҳауатә ҭагылазаашьа есышықәса еиԥшхом. Бжьаратәла аҳауа аԥхарра ҵыԥхгьы 23-24 градус ыҟан, бжьаратәла 20-21 градус аныҟоу уи ақәнага ҳәа иазгәаҭоуп. Сынтәагьы ҳахьахәаԥшуа цәыббрамза ԥхаррахоит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аԥхын нанҳәамзазы еиԥшцәҟьа аԥхарра зыҟалом, уахынла иаҳа ихьшәашәарахоит, ҵыԥх 19-20 градус ыҟан, сынтәагьы убас иҟалоит ҳәа ҳгәы иаанагоит", - лҳәеит Ахԥҳа.

Лара иазгәалҭеит иааиуа аԥсшьарамшқәа рзы маҷк ақәа леиргьы, ҳазҭоу амза азбжанӡа аԥхарра шыҟоу иаанхоит ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио.