Арадио

Ашәԥҳа еиҭалҳәеит афорум "Аԥеиԥш-2019" ахықәкы атәы

Аҵарадырратә форум "Аԥеиԥш - 2019" аҵакы атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи аԥшьызгаз агәыҳалалратә еиҿкаара "Авангард" алахәыла Асмаҭ Ашәԥҳа.
Sputnik

Цәыббрамза 3 инаркны 6 рҟынӡа Очамчыра ақалақь аҟны аус аулоит аҵарадырратә форум "Аԥеиԥш - 2019".

Ашәԥҳа еиҭалҳәеит афорум "Аԥеиԥш-2019" ахықәкы атәы

"Ари афорум актәи проектуп ҳҳәар ҳалшоит "Авангард" азы. Ацхыраара ҳарҭоит Галтәи Гәдоуҭатәи аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилакқәа, Очамчыра ақалақь ахадара. Афорум хықәкыс иамоуп аҿар рыбжьара аԥхьагыларатә ҟазшьақәа змоу раарԥшра, аҿар реибардырра, еиуеиԥшым араионқәа рхаҭарнакцәа аимадара рыбжьаҵара. Асоциалтә ҳа "Инстаграм" аҟны алаҳәара ҟаҵан, уа ирыԥшаар рылшон аинформациа афорум алахәхаразы иаҭахыз. Ихадырҭәаар акәын анкета, анаҩс аиҿцәажәара мҩаԥысуан. Афорум иалахәхо рхыԥхьаӡара 50–ҩык рҟынӡа азгәаҳҭоит. Иҟалоит еиуеиԥшым аӡыргарақәа, ацәажәарақәа. Очамчыра ақалақь аҟны аҿар ахьаангылаша ҭыԥхоит аспорткомплекс "Жемчужиана". Аԥхьатәи амш аибадырратә ҟазшьа амазаауеит, егьырҭ амшқәа аусеицура, агәыԥқәа реиҿкаара, аԥхьагыларатә ҟазшьа аарԥшразы аусқәа ирызкхоит", - лҳәеит Ашәԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.