"Шықәсыла 16-17 шықәса раҟара схыҵуан ашәарыцара саналага. Раԥхьа аҿарацәа еиҳараӡак ашәарыцара агәыбылра зларкуа ардәына алоуп, нас хәыҷы-хәыҷ ианеилукаалак ашәарыцара закәу, ҳәарада, зых пату ақәызҵо ардәына дазышәарыцом. Ача, ацыблыкь ухәа реиԥш иҟоу аԥсааҭәқәа рзышәарыцара уалагоит. Аԥсаатәи ашәарахи рзышәарыцара рхатә ԥҟарақәа рымоуп. Аԥхьатәиқәа агаҿа, амшын иахьазааигәоу ауп, уа ашәарыцара иаҳа имариоуп, ишаҭаху уеиқәшәазар, аԥсаатә иақәнагоу абџьари аџьаԥҳани аҭахуп, хымԥада, алақәа умазароуп. Ҳаамҭазы ашәарыцара иаҳа аспорт ԥшра амоуп азуҳәар ауеит.
Аԥсуаа жәытәнатә аахыс шәарыцара амҩа хара ианықәлоз Ажәеиԥшьаа ирашьапкуан иманшәалахарц, машәырда ихынҳәырц. Иахьа ҳаргьы урҭ аԥҟарақәа, хымԥада, ҳрықәныҟәоит. Абнахь шәарыцара еиҳарак ԥхынҷкәын мзазоуп ианцо. Ашьха ашәарыцара аԥхын иаҳа иуадаҩуп, уаҟа Анцәа итәарҭа ҳәа иԥхьаӡоуп. Ашәарыцара иадҳәалоу аҵасқәа рнаҩсгьы, ауаҩы ихымҩаԥгашьа даара дацклаԥшруп, иҽыхтны ажәҩан аҵаҟа дцәырҵыр ауӡом, иҽаниӡәӡәо, итәашьа-игылашьа, ицәажәашьа зегьы гәеиҭозароуп. Аиҳабацәа ирҳәо саҳахьеит, ус еиԥш шәарыцара хара ианцоз иҭаацәараз аҽрыцқьаразы мчыбжьык, жәамш раҟара аҳәса ахьыҟаз инеиӡомызт", - иҳәеит Корсаиа.
Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.