Арадио

Аџьба иҳәеит Аԥсны нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы апрограмма иаҵанакуа акатегориақәа

Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәаразы аминистр Руслан Аџьба Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәыла ауааԥсыра нхарҭатә ҭыԥла реиқәыршәаразы аус зуа апрограммақәа ҩба рахь иаҵанакуа.
Sputnik

 

Аџьба иҳәеит Аԥсны нхарҭаҭыԥла реиқәыршәаразы апрограмма иаҵанакуа акатегориақәа

"Апрограммақәа ҩба ҳадаҳкылеит, руак - Аԥсны атәылауаа анхарҭатә ҭыԥла реиқәыршәара, аҩбатәи - апрограмма "Анхараҭатә ҭыԥ 2021". Дара рынагӡаразы 2019 шықәсазтәи абиуџьет иазырбан 40 миллион мааҭ аԥара, урҭ рҟынтә 10 миллионк - раԥхьатәи апрограмма. Аҩбатәи - 30 миллион мааҭ. Дара злеиԥшым убри ауп: актәи апрограмма – иаҵанакуа акатегориақәа Аԥсны атәылауаа ироуз ацхыраара аргьежьра аҭахым. Аҩбатәи апрограммала изауа урҭ ацхыраара хәҭа-хәҭала есымза аҳәынҭқарра иаздырхынҳәлар ауп. Ацхыраара зауа акатегориақәа рахь иаҵанакуеит анхарҭатә ҭыԥқәа Аԥсны аҩнуҵҟа измамыз, иахьагьы измам аҭаацәарақәа. Актәи апрограммала зхы алазырхәыр зылшо акатегориақәа иреиуоуп актәи агәыԥ аинвалидцәа, аибашьраан иҭахаз рҭаацәа, ԥшьҩык инареиҳаны ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәарақәа, иара убас ахәыҷқәа ҩыџьа, зҭаацәа ԥсхьоу. Аҩбатәи апрограммала - аҩбатәи агәыԥ аинвалидцәа, уахь иаҵанакуеит аибашьра аинвалидцәагьы, хҩык ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа, иара убас аҭаацәа ахәыҷы аинвалид дызмоу", - ҳәа азгәеиҭеит Аџьба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.