Арадио

Габниа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан абжьыҭара амҩаԥгара аԥҟарақәа

Аҩбатәи атур аан абжьыҭара амҩаԥгара аԥҟарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит азиндырыҩ, Алхратә комиссиа хада алахәыла Гиви Габниа.
Sputnik
Габниа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан абжьыҭара амҩаԥгара аԥҟарақәа

"Аҩынтә абжьыҭараан аԥынгылақәа иаҳа имаҷхарцаз азакәанԥҵаҩцәа ажәалагала ҟарҵеит, иара адунеи зегь аҿы ус ауп ишыҟоу. Алхарахь иаароуп 25% иреиҵамкәа алхыҩцәа. Иахьатәи аамҭаз ҳара алхыҩцәа 130 000 рҟынӡа ҳамоуп. 25% уи аҟынтә усҟак ирацәам, сгәы иаанагоит 50% инареиҵамкәа алхыҩцәа алхрақәа рхы рыладырхәып ҳәа. Актәи абжьыҭараан иааит 82 000 инареиҵамкәа, уигьы егьырҭ алхрақәа ирыҿурԥшуазар имаҷуп, аха иахьа дыҟоуп атәылауаҩшәҟәы змауз, изымгаз, алхрақәа рахь имнеиз. Аҩынтә абжьыҭараан ҩыџьа рҟынтә иаҳа абжьы зауз убри аиааира игоит ҳәа иԥхьаӡоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.