Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа "амшынтә десант ажәылара" аԥдырҟәҟәааит

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа аруаа разыҟаҵара аилкааразы имҩаԥыргеит ҩ-ганктәи арота тактикатә ҽазыҟаҵарақәа ргәаҭарақәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа аруаа разыҟаҵара агәаҭаразы имҩаԥыргеит аҽазыҟаҵарақәа зхала иныҟәо артиллериатә хысгақәеи, агаубицақәеи, аминаршәгақәеи рхархәарала. Ахысрақәа мҩаԥган "аӷа" итәарҭеи амшын десанти ирықәкны. Абри атәы ааицҳаит арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

"Аӷа" изы адыррақәа ахысырҭа ҭыԥқәа рнапхгараҭарахь инарышьҭуеит аԥрыгатә аппаратқәа "Тахион" аҟынтә, аԥшыхәратәи аимадаратәи аппаратқәа "Стрелец" аҟынтә", — иҳәеит Астафиев.

Адырраҭараҟны иара убасгьы иҳәоуп ихароу аобиектқәа рышьаҽразы аруаа ахархәара шрырҭоз автомашьынақәа "Урал" ирықәыргылоу ареактивтә системақәа "Град". Хысрацыԥхьаӡа артиллеристцәа рҭыԥ рыԥсахуан.

Мчыбжьык иназынаԥшуа имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа ирылахәын арратә техника 500 ак, зықьҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан атанкқәа Т-72Б3, акәылӡтәы машьынақәа БТР-82АМ, акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-80, зхала иныҟәо артиллериатә хысгақәа "Акация", "Град".

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит: