Аршба ашьхааӡара иазкны: сгәы азыбылуеит
© Sputnik
"Аҳәынҭқарра хымԥада ари аус нап адыркылароуп, аха ашьхааӡаҩцәагьы еидгылароуп. Иҟоуп пату зқәу ашьхааӡаҩцәа еиҳабацәа, дареи ҳареи ҳҽааизганы, ҳаидтәаланы ҳиацәажәароуп. Аԥсны иҟоуп еиуеиԥшым ашьхааӡаратә хеилакқәа, аха ари азҵаара аӡбара рзалмыршеит. Сгәы былуеит, ҩажәижәаба шықәса ҵуеит абри аус саҿуижьҭеи. Ассоциациа саналаз Риҵа ашьхааӡаҩцәа аизара ҳаман, ҳусқәа бжьызхуа, иҽеим ашьха зҭиуа далҳцалоит ҳәа еибаҳҳәеит, аха аамҭақәак ааҵуаны ашьақар ҳҭиуеит ҳәа ахьыӡ цеит... Аҳәынҭқарра аганахьала адгылара ҳаузҭгьы, уи азҵаара аӡбара алыршахон", - ҳәа азгәеиҭеит Аршба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.