Арадио

Габниа: аполитикатә ҭынчра аҳәынҭқарра аргылараҿгьы алҵшәа анаҭоит

Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур амҩасшьала иаҳҳәар ҳалшома аполитикатә культура ҽаԥарак иԥеит ҳәа? Абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Алхратә комиссиа хада алахәыла Гиви Габниа.
Sputnik
Габниа: аполитикатә ҭынчра аҳәынҭқарра аргылараҿгьы алҵшәа анаҭоит

"Уажәы иҳаман аполитикатә ҭынчра. Аилаҩеиласра ҳамбеит. Сгәы иаанагоит, маҷ-маҷ ҳрызхәыцуа ҳалагеит, адунеи зегьынџьара ишыҟарҵо еиԥш абарҭ алхрақәа анымҩаԥысуа аамҭазы ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәа. Алхҩы ҩнуҵҟала иҭахуп аҭынчра. Иара данҭынчу ибжьгьы неигоит ишахәҭоу. Аполитика аганахьала иҳамоу аԥышәа иҳанаҭеит абас еиԥш ҭынчрала амҩаԥгара иаҳа еиӷьуп ҳәа. Уи алҵшәа аиуеит аҳәынҭқарра аргылараҿы. Сгәы иаангоит анаҩсгьы абас ицалоит алхрақәа", - ҳәа азгәеиҭеит Габниа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.