Арадио

Ломиа амедицинатә коллеџь аҟны иаҳа изыдҵаало азанааҭ азы: амода аԥҭека ус ахь ицеит

Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Светлана Ломиаԥҳа еиҭалҳәеит рҵараиурҭа сынтәа ҿыц иҭалаз изыдҵаалоз иаҳа иарбан занааҭқәоу, насгьы афакультетқәа ахьынӡахарҭәаау.
Sputnik
Ломиа амедицинатә коллеџь аҟны иаҳа изыдҵаало азанааҭ азы: амода аԥҭека ус ахь ицеит

"Сынтәа ҳфакультетқәа харҭәааӡам. Аветеринартә ус аҟәша аӡәгьы дадымҵаалеит, алабораториатә ус ахь абитуриентцәа мааиӡеит, убасгьы иҳамоуп аҟәша асанитариеи ацқьареи ирыдҳәалоу, акушертә ус, урҭ рахьгьы арзаҳалқәа аларымҵаӡеит. 60-ҩык астудентцәа рҭыԥ ҭацәны иаанхеит. Егьырҭ аҟәшақәа – амедицинатә иаҳәшьа лзанааҭ, афельдшертә ус, аԥҭекатә ус, астоматологиа урҭ хаҭәаауп", - лҳәеит Ломиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.