Аԥсны ААР: алхрақәа раан иҟалар зылшо апровокациақәа аԥырҟәҟәаахоит

Алхрақәа аҩбатәи ртур аан азеинеиҿкаара иахылаԥшует аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 700-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 700-ҩык азыхиоуп алхрақәа раан иҟалар зылшо апровокациақәа раԥырҟәҟәаара ҳәа иҳәеит аминистр Гарри Аршба.

"Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа 700-ҩык азыхиоуп алхрақәа раан иҟалар зылшо апровокациақәа раԥырҟәҟәаара, ауааԥсыра ршәарҭадара аиҿкаара. Аминистрра аилазаара цәыббра 7 раахыс еиҳа ирӷәӷәоу арежим ахь русура ииагоуп", - иҳәеит аминистр.

Иара иажәақәа рыла уажәтәи аамҭанӡа Аԥсны иахьаҵанакуа иарбанызаалак еилагарак аҭыԥ амам.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу Аԥсны атәылауаа зегьы, зжәытә тәылауаҩшәҟәқәа аҿыцқәа рыла изыԥсаххьоу.

Аԥсны АКХ: алхыҩцәа абжьыҭарахь рнеира 19% артәоит

2019 шықәса рызтәи Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур мҩаԥысит нанҳәа 25 рзы. Уи иалахәын ҳтәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҟны алхрақәа ирылахәыз рахьтә зегь иреиҳахаз ахыԥхьаӡара - жәҩык акандидатцәа.

Урҭ рахьтә аиааиразы иаҭахыз 50% иреиҳаны абжьқәа аӡәгьы иахьимоуз азы, абжьыҭара аҩбатәи атур рылаҳәан.

Ҩынтәтәи абжьыҭараан абжьқәа реиҳарак зауз акандидат аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит.

Убри аан алхрақәа рхы рыладырхәроуп алхыҩцәа рсиақәа ирну 25% иреиҵамкәа атәылауаа. "Зегьы ирҿагылоу" аграфа абжьқәа реиҳарак аиур, алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа рыларҳәоит.