Арадио

Бганба Лыхны алхрақәа рымҩаԥысшьазы: игәамҵуа ыҟам, ауаа ргәалаҟазаара бзиоуп

Лыхнытәи 16 алхырҭатә ҭыԥ хада алхратә комиссиа ахантәаҩы Асҭамыр Бганба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҩбатәи атур аҟны 80 процент рҟынӡа алхыҩцәа абжьыҭара рхы аладырхәып ҳәа агәыӷра шыҟоу.
Sputnik
Бганба Лыхны алхрақәа рымҩаԥысшьазы: игәамҵуа ыҟам, ауаа ргәалаҟазаара бзиоуп

"Лхаа дуқәа ҳгәалаҟазаара бзиоуп. Алхрақәа пату ақәҵаны имҩасыр ҳҭахуп. Азакәан ишаҳәо ала асааҭ ааба рзы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын. Аус ишахәаҭоу еиԥш ицоит. Нанҳәа 25 рзы ҩнызқь ҩык инареиҳаны рыбжьы арҭеит, асиа акәзар, иҭагалоуп 3 267-ҩык алхыҩцәа. Лыхны алхырҭатә ҭыԥқәа ԥшьба ыҟоуп, сгәы иаанагоит 70% рҟынӡа алхыҩцәа рыбжьы арҭап ҳәа. Ҳәарада, иҟоуп алхыҩцәа алхрақәа шьҭа ҳдырааԥсеит, ҳгәы ақәыԥҵәеит зҳәо, аха уеизгьы иаауеит. Ажәакала, ауаа ргәалаҟазаара бзиоуп, игәамҵуа ҳәа аӡәгьы дыҟам", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.