Гогьиа: аиҭалхрақәа рымҩаԥгара азинтә шьаҭа амаӡам

Заанаҵтәи адыррақәа рыла Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аҟны аиааира игеит Рауль Ҳаџьымба. Иара изы рыбжьы рҭиит 47, 38%, Алхас Кәыҵниа - 46, 19%.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Асмаҭ Ҵәхыџьԥҳа. Акандидатцәа аиҭалхрақәа мҩаԥгатәуп ҳәа ирҳәо азакәантә шьаҭа аманы иҟам ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

"Ари акандидатцәа рҟынтәи ҳәамҭам, бжьагароуп. Ус шакәугьы ашәҟәы иҭаагалоит ҳаилатәараҿгьы ҳахәаԥшуеит. Иарбанызаалак аӡбра Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы ишшыр ҟалоит", - иҳәоит Гогьиа.

АКХ ахантәаҩы иара убасгьы иазгәеиҭеит АКХ ахантәаҩы иӡбра иақәшаҳаҭымзар аӡбарҭатә усбарҭақәа рахь ишьақәыргыло аԥҟарала ашшыԥхьыӡ нарышьҭыр ауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Рауль Ҳаџьымба аҩбатәи атур аҿы аиааира игеит
  • Ԥсҳәы ақыҭантәи абжьыҭира алхрақәа рзеиԥш еихшьаалақәа анырра рзыҟанаҵом