Пицунда амшын аҟәараҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит

Амшын аҿы иӡааҟәрылаз ахаҵа ихаҭара шьақәыргылам.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Цәыббра 9, ашьыжь амшын аҟәараҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Аԥсны АҶА зхышәара маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.

"Аԥсы аӡы дшамаз збаз ауаа аҭел иаҳзасит. Аҭыԥ ааигәара ҳусзуҩ дыҟан. Иаразнакы уахь днеиит. Иҟоуп ауаа ахаҵа амшын дышҭалаз, ацәқәырԥақәа дышхырҩаз збаз", - еиҭеиҳәоит Сабуа.

Иара игәаанагарала ахаҵа аӡы дамхәыҽӡеит, ахаҳәқәа дрынҟьеит.

"Ахаҵа аӡы дамырхит аха макьаназ ихаҭара шьақәыргылам", - иҳәоит Сабуа.

Гагра араион аморг ахь аԥсыбаҩ нагоуп.