Аԥснытәи абитуриентцәа ЛЖәР аграждантәхьчара аинститут иҭалар ҟалоит

Лев Кәыҵниа Аҟәа дырԥылеит Лугансктәи Жәлар рреспублика аграждантә хьчара Аинститут аиҳабыра.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиԥылара мҩаԥнагеит цәыббра 10. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит ареспубликақәа аҩба русбарҭақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа аҿиара шрымоу.

Аинститут адректор Владимир Малкин иазгәеиҭеит "луганскаа жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаара ргәы шазыҳәо". Абри инадҳәаланы Донбасстәи асасцәа ажәадгала ҟарҵеит аԥсуа студентцәа Лугансктәи Жәлар рреспублика аграждантә хьчара Аинститут аҵара рҵартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵазарц.

"Азҵаара аус адулатәуп. Ареспубликақәа рыбжьара арҭ аусбарҭақәа аҵара аганахь ала реизыҟазаашьа акыр иҵоуроуп", - аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Лев Кәыҵниа Аҟәа дырԥылеит Лугансктәи Жәлар рреспублика аграждантә хьчара Аинститут аиҳабыра.