"Аӡыканал" Аҟәа аӡы зыҟам атәы рҳәеит

Араион ҿыц, Ажәытә ҳабла, "Колос", ВИЕМ, Турбаза рраионқәа рҟны цәыббра 12 рзы асааҭ 0:00 - 19:00 аӡы аанкылоуп.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аӡы аанкылара мзызс иамоу аӡыҭгагатә станциаҿы аремонттә усурақәа ахьымҩаԥаҳго ауп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит АУН "Аӡыканал" анџьныр хада Мераб Анқәаб.

Уаанӡа аҳҭнықалақь ауааԥсыра Sputnik Аԥсны ахь аҭел иасхьан аӡы аҩнеихагылақәа рҿы аҵыхәтәантәи аихагылақәа рахь ихалом ҳәа.

"Лечкопи Даӷьсҭанаа рымҩеи рҿы аӡеизакырҭақәа аӡы маҷны ирҭалон. Акыр иҭаҳҵааит. Шьшьарак ыҟоуп ҳәа ҳгәы иаанагон, аха акгьы ҳамбеит. Иахьа аӡыҭгага станциаҿы аӡыҭгагақәа еимаҳхит, аремонт рзаауеит", - иҳәеит анџьныр.

Аусурақәа рышьҭахь ақалақь аҿы аӡы еиԥҟьарада аихагылақәа зегьы ирызхалалоит ҳәа азгәеиҭеит иара.