Арадио

Габниа еиҭеиҳәеит амшын аҟны ауаа рыԥсы шеиқәдырхаз

Арҭ амшқәа рзы Гагра араион Лӡаа ақыҭа азааигәара амшын аҟны амашәыр иақәшәаз ҩыџьа Узбекистан атәылауаа рыԥсы еиқәырхан. Уи рылшеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу, зышәагаа маҷу аӷбақәа хылаԥшра рызҭо аҳәынҭқарратә инспекциа алеитенант Никита Габниа иҩызцәеи иареи. Арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Никита Габниа еиҭеиҳәеит амшын иагоз ауаа шеиқәдырхаз.
Sputnik
Габниа еиҭеиҳәеит амшын аҟны ауаа рыԥсы шеиқәдырхаз

"Ахҭыс ҽынла асааҭ 14:00 рзеиԥш иҟалеит. Амшын аҟәараҟны агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥаагон, избанзар ацәқәырԥақәа дуун уи аҽны. Уа Пицунда иахьаҵанакуаз ауаҩы даҳцәыԥсхьан амшын аҟны. Амилициа аганахьала иаҳтәу аинспектор ҭелла дысзасны исеиҳәеит ауаа аҟәараҟынтәи километрак аҟынӡа амшын ишагаз. Сҩызцәа Ҳаџьараҭ Хышбеи Рустам Агрбеи сыцны ҳнеит, схала урҭ реиқәырхара сылшомызт. Зегь раасҭа иуадаҩыз - ацәқәырԥа ахьдууз аҟынтә амшын ахь аскутер, ашхәа аӡәгьы инеимгаӡеит. Ҳаҩны аҟәара ҳанықәла аԥсыӡкцәа рышхәа хәыҷы ҳбеит, иҳаҳаны ҳаннеи, жәабаҟа минуҭ ҵит, ауаа наҟ Мысра аганахьала амшын иагон. Дара акатамаран иақәтәаны ицеит аҟәараҟны аӡәгьы иамҳәаӡакәа, ҳаннеи, уи ӡыла иҭәхьан азганк ӡааҟәрылон, аԥша ӷәӷәа иаманы ицон. Ҳрыцхрааны изықәтәаз ҳагәҭасны иаанаҳкылеит, ашхәахь иҭартәаны, хәыҷы-хәыҷла аҟәараҟынӡа ҳнеит", - иҳәеит Габниа.

Иара иазгәеиҭеит ауаҩра злоу дарбанзаалакгьы аӡәы иԥсы еиқәирхартә дыҟазар, уи шыҟаиҵо, аха убри аан иҳәеит амшын аҟны ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхара аԥҟарақәа шамоу. Уи ззымдыруа, излымшо ихатә ԥсҭазаара ашәарҭара иҭаиргылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: