Ицаҳәцаҳәуа апырпыл: Аԥсны алахәуп Италиатәи ақалақь Диаманте аҟны афестиваль

Аԥсны алахәуп италиатәи ақалақь Диаманте аҿы цәыббра 11 - 15 рзы имҩаԥысуа "Апырпыл Жәларбжьаратәи афестиваль".
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Италиатәи ақалақь Диаманте аҟны имҩаԥысуа апырпыл афестиваль Аԥсынгьы алахәхоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара жәларбжьаратәи аимадарақәа рыҟәша аиҳабы Ирина Шьониаԥҳа.

"Аамҭақәак раԥхьа Аҟәа ақалақь ахадара афестиваль ахь инаԥхьан. Уи ашықәс аҩнуҵҟа агастрономиатә хҭысқәа ирылукаартә иҟоуп. Афестиваль азкуп апырпыли апырпыллыхи", - лҳәеит лара.

Цәыббра 11 рзы аиармарка аусура иалагеит. Уа аԥсуа стенд аартуп. Аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи рҟынтәи аҭааҩцәагьы рацәаҩуп ҳәа лҳәоит Ирина Шьониаԥҳа.

"Ауаа ирылаҳарҵәоит аԥсуа џьыкеиԥш Аԥсны ахаҭагьы аӡбахә зҳәо аброшиурақәа. Уа иҭыҵит Аԥсны иазку астатиа ду зну агазеҭ. ААҟәа ақалақь ахадареи, Италиа иҟоу аԥсны ахаҭарнакреи, Апырпылца Италиатә ассоциациеи рыбжьара напы аҵаҩын аилибакааразы аԥкаанҵа", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Ирина Шьониаԥҳа илҳәеит цәыббра 11 рзы Диаманте Ашҭа хадаҟынтә ишиашоу ицо арадиоефир шымҩаԥысыз. Уа Аҟәа ақалақь ахадара ахаҭарнакцәеи Вито Гриттани (Италиеи Евроеидгылеи атәылақәа рҟны Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵаҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩ) Аԥсны аӡбахә еиҭарҳәон.

Ицаҳәцаҳәуа апырпыл: Аԥсны алахәуп Италиатәи ақалақь Диаманте аҟны афестиваль

Ацәыргақәҵаз аалыҵ аздырхиоит Великобританиа инхо Асҭамыр Кәартааи Гәында Хиуитти рҭаацәара.

Урҭ ртауар европатәи ахаҭабзиара ишақәшәо азы асертификатқәа амоуп, астенд аҿы проблемада иӡыругар ҟалоит.

Аԥсны афестиваль алахәра еиҿыркааит Италиеи Евроеидгылеи атәылақәа рҟны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адипломатиатә хаҭарнакреи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: