Аҟәа ақалақь аҿы ахысра иахҟьаны ҩыџьа ауаа ахәрақәа роуит

Аҟәа ақалақь агәаны ахысра шыҟалаз аҭагылазаашьа аҭҵаара иаҿуп аусҭҵааратә гәыԥ ҳәа рҳәеит Аԥсны Апрокуратура хадаҿы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Аԥшьаша, цәыббра 12 рзы ахысра иалҵшәаны ҩыџьа ауааԥсыра ахәрақәа роуит ҳәа ааицҳауеит Апрокурор хада ауаажәларра рнырразы ицхырааҩ Даур Амҷба.

"Аӡәы ихәра баргәым, ахы ихьысит ауп. Ихәра ҿрыцқьааны аҩныҟа доурышьҭит. Аҩбатәи ишьапы ахы ақәшәеит, уи Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҭоуп", - иҳәеит иара.

Ахҭыс ҟалеит асасааирҭа "Интер-Сухум" ааигәара.

Еиҳа инарҭбаау аинформациа ԥыҭрак ашьҭахь иҟалоит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада. Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусҭҵааҩцәа ашьаусҭҵаара иаҿуп.