Арадио

Арсҭаа Ауадҳара аԥсшьарҭаҩнқәа русуразы: сынтәеиԥш ауаа ҳмоуцызт

Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны Ауадҳара аԥсшьарҭа иахылаԥшуа Асҭан Арсҭаа Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа апансионат аус шауаз атәы.
Sputnik
Арсҭаа Ауадҳара аԥсшьарҭаҩнқәа русуразы: сынтәеиԥш ауаа ҳмоуцызт

"Апансионат "Ауадҳара" аа-шықәса ҵуеит аус ауеижьҭеи, абри аамҭа иалагӡаны, сынтәеиԥш аԥсшьаҩцәа ҳадҳамкылацызт. Ԥхынгәымза инаркны иахьа уажәраанӡа аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа зегьы ҭәуп. Иҳамоу адыррала, еиҭа жәамш ус иҟоуп. Амш иахьынӡаҳнаҭо аҟнынӡа аԥсшьарҭатә ҩынқәа аус рулоит", - ҳәа азгәеиҭеит Арсҭаа.

Арсҭаа еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ауааԥсыра рҟынтәи сынтәа иҟаз агәынамӡарақәа мзызс ирымаз атәы.

"Асезон алагамҭаз адырра ҟаҳҵеит ишҳадыҳкыло аҭыхратә гәыԥ. Дара ирыҭан 55 ҭыԥ, абар, мызки бжаки ҵуеит дара Ауадҳара иҟоижьҭеи. Убри иахҟьаны аҭыԥантәи ауааԥсыра рҟынтә ара зыԥсы зшьар зҭахыз зегьы ҳазҳадымкылеит. Дара рзы иҳаман 25 ҭыԥ заҵәык, урҭ еиҟәырҷҷо иааҳгоит, иахьагьы макьана ус ауп ишыҟоу, амза нҵәаанӡагьы ус иҟазаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Арсҭаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.