Аԥсны иҟоу ААО амотохысцәа "аӷа иԥшыхәцәа" ршьаҟьеит

Аррамаҵзурауаа ирҵоит адәтәы лагерқәа реиҿкаашьа, арратә техника аҵәахышьа, ахысшьа, иахьынӡауала иҟалар зылшо аҭагылазаашьа иазааигәатәны.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ амотохысцәа ашьхатә полигон Ҵабали аполигон Нагвалоуи рҟни амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуази аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә базаҿы изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Раԥхьаӡа акәны дара ирывагылан аԥшыхәратә ҟәшақәа. Ахысгатә бџьар, БТР-82АМ, ҳәа изышьҭоу акәылӡтранспортиорқәеи, атанкқәа Т-72Б3, КамАЗ, "Мустанг" ҳәа изышьҭоу акәылӡмашьынақәеи ахархәара рыҭоуп. Ауснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 500-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 80 рҟынӡа атехника, иара убасгьы акәылӡтәы машьынақәа "Тигр", аԥшыхәратә машьынақәа"Дозор", зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа "Акация".

Аррамаҵзурауаа ирҵоит адәтәы лагерқәа реиҿкаашьа, арратә техника аҵәахышьа, ахысшьа, атактикатәи анџьныртәи ҽазыҟаҵара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: