Арадио

Гәлиа еиҭеиҳәеит акаҭран ақәҵаразы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы

Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа рҿы акаҭран ақәҵаразы ицо аусурақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит урҭ мҩаԥызго аилахәыра "Аԥснырегионргылара" адиректор хада Даур Гәлиа.
Sputnik
Гәлиа еиҭеиҳәеит акаҭран ақәҵаразы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы

"Ԥхынгәымза агәҭаны нап аҳаркит амҩадуқәа реиҭашьақәыргылара. Аусурақәа мҩаԥысуан Очамчыра – Кындыӷ, Лабра, Аракич, Гәылрыԥшь араион аҿы – Бабышьра, Алықьса Коӷониа ихьӡ зху амҩаду аҿы. Ашықәс нҵәаанӡа Дранда ақыҭан Имам Шамиль ихьӡ зху амҩаду аиҭашьақәыргылара планс иҳамоуп. Арҭ амҩақәа рыҟаҵаразы иазоужьын шәмиллионк мааҭ инарзынаԥшуа аԥара. Иааизакны 22 километра инареиҳаны акаҭран ықәҵоуп. Иара акаҭран ахаҭабзиара ҳхатәы лабораториа игәанаҭоит. Иахьатәи амш азы аусурақәа хыркәшоуп ԥшьқыҭак рҿы", - ҳәа азгәеиҭеит Гәлиа.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.