Арадио

Кәарҷиа еиҭеиҳәеит афестиваль "Ҳәаа змам аиҩызара" аҷыдарақәа

Цәыббра 25 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуа "Ҳәаа змам аиҩызара" захьӡу жәларбжьаратәи афестиваль агала-концерт шьышьақәгылоу арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи аиҿкааҩ, Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
Sputnik
Кәарҷиа еиҭеиҳәеит афестиваль "Ҳәаа змам аиҩызара" аҷыдарақәа

"Афестиваль анеиҿаҳкаауаз нахысгьы хықәкыс иҳаман еиуеиԥшым ажәларқәа, амилаҭқәа рхаҭарнакцәа радыԥхьалара. Иара ахьӡ ахаҭагьы иаҳәоит ахықәкы аиҩызара шакәу. Аашықәсоуп еибаҭаху амилаҭқәа рхаҭарнакцәа Аԥсны ҳаиқәшәоижьҭеи. Афестиваль Аиааира амшныҳәа аламҭалаз имҩаԥысуеит, уи иадҳәалахоит иаргьы. Иаауа асасцәа раҳәшьцәа рашьцәа аибашьраҿы иҳавагылан иҳаицеибашьуазар, ҳаицышәаҳәаргьы ахәҭоуп ҳәа ҳаԥхьаӡеит", - азгәеиҭеит Кәарҷиа.   

Афестиваль алахәылацәа ртәы далацәажәо, Нури Кәарҷиа иҳәеит сынтәа иара аҳәаақәа акырӡа рыҽшдырҭбааз. 

"Сынтәа иалахәуп Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа зегьы рхаҭарнакцәа, убри ахыԥхьаӡараҿы Аахыҵ Уаԥстәыла, иара убас Перу, Израиль. Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп дшалахәу Ҭырқәтәыла ахаҭарнакгьы, аԥснынтә амҳаџьырра иагаз рхылҵшьҭра иатәу ашаԥсыӷ ҭыԥҳа Гьиульџьан Алҭан. Лара Ҭырқәтәыла еицырдыруа шәаҳәаҩуп, лрепертуар аҿы иҟоуп жәаба инарзынаԥшуа аԥсуа шәақәа. Сгәы иаанагоит ахәаԥшцәа лызҿлымҳахап ҳәа", – азгәеиҭеит Кәарҷиа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.