АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik. Аџьыка иалнаршоит Италиатәылаҿ Аԥсны дырдырра ҳәа радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵаҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа.
"Ҳгәаанагарала амилаҭ чыс – асыӡбал, аџьыка реиԥш иҟоу ауаажәларратә дипломатиа иахәҭакуп. Аполитикатә уснагӡатәқәа ирылымшаша алнаршар ҟалоит", - иҳәеит иара.
Италиа иҟоу Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакреи, Аҟәа ақалақь ахадареи, Диаманте ақалақь ахадареи рыбжьара Диаманте цәыббра 11-15 рзы имҩаԥысуаз "Апырпыл жәларбжьаратәи афестиваль" аҟны анапы аҵаҩын х-ганктәи аԥкаанҵа.
"Ари аԥкаанҵала иҳәаақәҵахоит Италиа арегион Калабриа, хаҭала ақалақь Диаманте аҟны аԥсуа џьыка аларҵәара. Диаманте ахадара ақәшаҳаҭуп арегион адәқьанқәа, акрыфарҭақәа рҿы иара аҭира", - азгәеиҭеит Ҭаниа.
Иара иҳәеит аԥкаанҵа анапаҵаҩра адырҩаҽныҵәҟьа ақалақь аресторанқәа руак аԥсуа џьыка аахәаразы аинтерес шаанарԥшыз.
Кан Ҭаниа иҳәеит ҳаԥхьаҟатәи афестивальқәа еиҳа мҽхакыҭбаала Аԥсны шалахәхо, ареспубликаҿ иаадрыхуа аалыҵ асертификациа азура рыҽшазыршәо, аџьыка адагьы – асыӡбал, аҩқәа, аӡқәа, аџьынџьыхәа уҳәа рӡыргара алыршахар шауа.
Диаманте цәыббра 11-15 рзы имҩаԥысит "Апырпыл жәларбжьаратәи афестиваль". Аԥсны афестиваль алахәхара еиҿыркааит Италиа иҟоу Аԥсны адипломатиатә хаҭарнакреи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресси. Аԥснытәи аалыҵ афестиваль ахь инаргеит Великобританиа инхо Асҭамыр Кәартааи Гәында Хиуитти рҭаацәара.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсуа џьыка ӡыргахоит апырпыл Италиатәи афестиваль аҿы
- Апырпыл ца, нас аџьыка: Аӡҩыбжьа ақыҭан апырпыл шҿырхуа