Шьамтәылатәи аҳаԥқәа руак аҟны атеррористцәа рбаза рбеит

Уаанӡа шьамтәылатәи аруаа ахы иақәиҭыртәит 2014 шықәса раахыс атеррористцәа иаанкыланы ирымаз Идлиб аладатәи акалҭи апровинциа Хамеи рҟны аҵакырақәа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Шьамтәылатәи арратә еинрал Абдель Керим Меихун аҳәамҭа ҟаиҵеит Идлиб аладатәи акалҭи апровинциа Хамеи рҟны аҵакырақәа рхақәиҭтәра ашьҭахь аҳаԥқәа руак аҿы ишырыԥшааз атеррористцәа рбаза ду. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳаруаа ари аҳаԥы ианиеит апровинциа Идлиб ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь. Иԥшаан абџьар рацәа, аибашьцәа рцәашәҵатәы, апулемиотқәа, агранатқәа", - иҳәоит Меихун.

Шьамтәылатәи ар апровинциа Хамаҿ атеррористцәа ржәылара рылшеит

Аҳаԥы аҵакыра жәнызқь метр ԥшьыркца ыҟоуп, анеирҭа-ааирҭа рацәа амоуп, адәытә госпиталь еиҿкааны иҟоуп.

"Аҳаԥы анаанрыжьуаз аминақәа ыҵарҵеит. Мышкы ахы аҵыхәала ҿышәҭак ауп аминақәа рҟынтәи иҳазрыцқьаз", - иҳәоит аинрал.

Шьамтәылатәи аоппозициа 2017 шықәса мшаԥы 4 рзы аҳәамҭа ҟарҵеит апровинциа Идлиб ақалақь Хан-Шеихун аҿы ахимиатә бџьар ала ажәылараан 80-ҩык ауаа ҭахеит 200-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа.

Ахимиатә жәылара шьамтәылатәи аиҳабыратә ар ирхарарҵеит. Дара уи мап ацәыркит, аҳәамҭа руит аиҳабыратә ар ахаангьы аҭынч уааԥсыра ирҿагыланы қәгылара ҟарымҵац, атәыла ахимиатә арсеналгьы аибашьра ианалага ОЗХО ахылаԥшрала атәыла иалган ҳәа.

Урыстәыла аҳәынҭқарратә Дума адепутат Дмитри Саблин арабтә социалисттә ҿиара Апартиа амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Хилиал Хилиал Дамаск даниԥылоз иҳәеит Хан-Шеихун ахақәиҭтәра иалнаршоит ахимиатә бџьар ахархәара аҭҵаара ҳәа.