Шьамтәылатәи ар апровинциа Хамаҿ атеррористцәа ржәылара рылшеит

© Sputnik / Mikhail Voskresensky / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСирийские военнослужащие и бойцы ополчения во время подготовки российскими военными инструкторами в провинции Хама
Сирийские военнослужащие и бойцы ополчения во время подготовки российскими военными инструкторами в провинции Хама - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла Шьамтәыла арбџьар мчқәа ирылшеит "Джебхат ан-Нусры" анапхгара аштаб-квартира аилаԥыххаара.

АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik. Шьамтәыла арбџьар мчқәа ирылшеит апровинциақәа Хамеи Идлиби рҳәааҿы атеррористцәа ржәылара аанкылара. Иҟоуп иҭахази ахәрақәа заузи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ателеканал Syria TV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Атеррористтә гәыԥқәа, апровинциа Хама Масасна араион аҿы иҟоу  ҳпозициақәа ирыжәлеит амҽыша, асааҭ 01:30 рзы еиуеиԥшым абџьар рхы иархәаны", - ҳәа  ааицҳауеит аусбарҭа ахаҭарнак.

Аруаа ирылшеит аӷа иԥхьацара, атехникеи абџьари реилаԥыххаара. Аруаа рҟынтәи иҟоуп иҭахази ахәра заузи.

Апровинциа Идлиб атеррористтә гәыԥ "Џьебхат ан-Нусра" иампыҵанахалеит 2015 шықәса рзы.

Аинышәаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Алеппо, Хомс, Гута уҳәа араионқәа рҟынтәи агуманитартә коридорқәа рыла уахь инарышьҭуан Шьамтәыла аиҳабыра рыҽрыҭара мап ацәызкыз арадикалтә гәыԥқәа рҟынтәи атеррористцәа.

Идлиб иахьа уажәраанӡа атеррористцәа хылаԥшра зырҭо Шьамтәыла апровинциақәа ируакуп.

Уаанӡа Шьамтәыла ахада иабжьгаҩ Бусеин Шаабан аҳәамҭа ҟалҵахьан Шьамтәыла анапхгара апровинциа Идлиб анапахьы аагара рыгәҭакуп ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0