Аԥсныи Урыстәылеи рҳәааҿы аҭаҭынаалыҵ аанкылоуп

Урыстәылатәи азакәанқәа инарықәыршәаны, ахатәхархәаразы аҳәаа ахыгара ҟалоит 200 сигарет ма 50 сигара (сигарилла), ма 250 грамм аҭаҭын.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 18 - Sputnik. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҳәаа иахысуаз атурист 120 ҭоԥ асигарет ахигарц иҽазишәон ҳәа аанацҳауеит аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Иԥсахы еибакуан: закәаншьаҭада аҭаҭын аалыҵ аконтрабанда аԥырҟәҟәаан

Цәыббра 16, 2019 шықәса рзы аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" ашьаҟауаа рымҩаҿы аҳазалхыҩцәа ачемодан ду зманы инеиуаз ахаҵа игәҩара ркит. Иара аҳазалхратә шәҟәҭагалара зҭаху атауар шсымам ҳәа мап икит. Ачемодан иҭоузеи ҳәа ианиазҵаа, схатәы маҭәақәа роуп ҳәа аҭак ҟаиҵеит.

Арентгентә шьақәгыла ала ибагаж ангәарҭа ахатәымаҭәа ацынхәрас аҭаҭын ҭоԥқәа рбеит.

27 шықәса зхыҵуа Армавир иқәынхо иҳәеит Аԥсны иԥсшьараан идыр иҳәарала аҭаҭынаалыҵ ааихәеит. Уи адагьы иҳәеит аҭаҭынаалыҵ аҳәаа ахыгаразы аԥкрақәа шыҟаз шидыруаз.

Аҭаҭынаалыҵ аекспертизахь инашьҭуп. Ахаҵа иганахьала административтә еилагарала ашьаус хацыркуп.