Арадио

Занҭариа Адгәыр Иналиԥа изы: аԥааимбар иҩызаз аҵеи

Аҵарауаҩ-афизик, аԥсадгьыл ахьчараан данҭаха ашьҭахь Леон иорден занашьаз Адгәыр Иналиԥа арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит ибзианы дыздыруаз апублицист, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа.
Sputnik

26 шықәса раԥхьа, цәыббра 18 рзы дҭахеит атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Адгәыр Иналиԥа, иналукааша аҭоурыхҭҵааҩ Шьалуа Иналиԥа иԥазаҵә.

Занҭариа Адгәыр Иналиԥа изы: аԥааимбар иҩызаз аҵеи

"Адгәыр Шьалуа-иԥа иналукааша ҵеин, уаҩы лашан, уаҩы аамсҭашәан ҟазшьалагьы, абшьҭралгьы. Адгәыр дҟәымшәышәын, аха апринципра илан, зааӡара ҩашьара ақәмыз аинтеллигент иакәын. Адгәыр абаҩхатәра ду шилаз ҩашьаӡомызт, қәҿиарала далгеит афизикатә факультет Қарҭтәи ауниверситет аҟны. Анџьныр-физик иаҳасабала аус иуан Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҟны. 1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа  Акосмостә ҭҵаарақәа ринститут аҟны аспирантура далгеит. Шәазхәыц, шаҟа дырра ҵаула умазар акәыз, уи иеиԥш иҟаз аинститут аҟны аспирантура алгаразы. Анаҩс акандидаттә диссертациа ихьчеит.

Адгәыр џьара ихы ӡыриго сымбацызт, убриаҟара аҩнуҵҟатәи акультура иман. Аибашьра хлымӡаах даламӡкәа дҳамазҭгьы Адгәыр Иналиԥа адунеи аҟны еицырдыруа физикны, ҵарауаҩ дуны дҳамазаауан, убриаҟара алшара, абаҩхатәра иман", - ҳәа азгәеиҭеит Занҭариа.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны.