Арадио

Ҷолариа Абиблиотека аусзуҩцәа Жәларбжьаратәи рконференциазы: аԥышәа еимаҳдоит

Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭҭә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Анапа имҩаԥысуа Абиблиотека аусзуҩцәа Жәларбжьаратәи рконференциаҟны излацәажәуа азҵаарақәа ртәы.
Sputnik

Анапа ақалақь аҟны цәыббра 17 рзы аусура иалагеит XIX Жәларбжьаратәи аконференциа "Абиблиотекақәа рыла ԥхьаҟа". Уи иалахәуп Урыстәыла, Белоруссиа, Азербаиџьан, Аԥсны уҳәа рбиблиотекақәа рхаҭарнакцәа. Аԥснынтә уи иалахәуп Амилаҭҭә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа, абиблиотека аусзуҩцәа Алхас Чхамалиа, Елизавета Ушакова, Милана Ҷанԥҳа.

Ҷолариа Абиблиотека аусзуҩцәа Жәларбжьаратәи рконференциазы: аԥышәа еимаҳдоит

"Аконференциаҟны Аԥсны Амилаҭтә библиотека ахьӡала дықәгылеит Алхас Чхамалиа, аҭоурых аицакра ахырхарҭала раԥхьатәи ажәахә ҟазҵаз аԥсуаа ҳауп. Даара ибзианы ирыдыркылеит, азҿлымҳара арҭеит.

Аконференциаҟны абиблиотекахь ауаа рымнеира зыхҟьо ҳәа хадаратәла ԥшь-хырхарҭак алыркааит. Руак - ауаҩы комфортла абиблиотекаҟны иҟазаара, уи азы Амилаҭтә библиотекаҟны алшара ыҟоуп, аха егьырҭ ҳбиблиотекақәа рҭагылазаашьа цәгьоуп. Аҩбатәи – аинформациа ҿыц, ахԥатәи – атехника алагалара, уаагьы хар ҳамаӡам атехника ыҟоуп, аха иақәнагоу аҟазацәа ҳамам умҳәозар. Убасгьы, иахьа абиблиотека афонд аҟны иҟоу ацифрахь аиагара ахәҭоуп. Уи напы аҳаркхьеит аҩнуҵҟатәи ҳалшарақәа рыла…

Аԥшьбатәи ахырхарҭа абиблиотека аус азы ихадоу ҳәа иалыркаауеит акадрқәа рызҵаара. Аҿар абиблиотека ус ишалагалатәу азҵаара иалацәажәоит аконференциаҟны", - иҳәеит Ҷолариа.

Анапа имҩаԥысуа XIX Жәларбжьаратәи аконференциа "Абиблиотекақәа рыла ԥхьаҟа" аусура хнаркәшоит цәыббра 21 рзы.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.