Арадио

Џьынџьиа Очамчыратәи аҩбатәи ашкол азы: иарбаз аҿҳәаразы аҵарашықәс хацыркхоит

Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақалақь аҿы аҩбатәи абжьаратә школ аҟны аҵара анхацыркхо.
Sputnik
Џьынџьиа Очамчыратәи аҩбатәи ашкол азы: иарбаз аҿҳәаразы аҵарашықәс хацыркхоит

"Очамчыратәи аҩбатәи абжьаратә школ аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит нанҳәамза аҽеиҩшамҭа инаркны иахьа уажәраанӡа. Аргылаҩцәа ажәа шҳарҭаз ала ҳақәгәыӷуеит, ус иагьыҟалоит - ахәыҷқәа аҵарашықәс жьҭаарамза 1 инаркны ихацдыркроуп. Ахыбраҟны афымца мҩанызго ацәаҳәақәа зегьы ԥхасҭан, избанзар 60-тәи ашықәсқәа рзы иҟаҵан, иахьа уажәраанӡагьы иԥсахымызт.

Аусурақәа иааизакны 6 миллион мааҭ рҟынӡа рықәхарџьуп. Акрыфарҭа, аҿырӡәӡәага уҳәа аӡцрыҵ цәаҳәақәа рыԥсахрагьы азԥхьагәаҭоуп.

Аҵаҩцәа иахьазы аԥсшьарамшқәа рымоуп, урҭ 450-ҩык инарзынаԥшуеит, даҽа школк ахь рышьҭра алымҵит. Апрограммақәа ирыхьӡартә еиԥш аҵарамчыбжь фымш рахь ииаҳгарц ацәажәарақәа ҳамоуп", - иҳәеит  Џьынџьиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны.