Аҟәа ақалақь аҿы амцакра аҭыԥ аман

Абарак ҟазшьа змоу аҩнеихагыла амца акит Абазақәа рымҩа 13 аҟны, цәыббра 19 асааҭ 14:00 рзы. Амцакра мзызны иамоу макьаназы ишьақәыргылам.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 19 - Sputnik, Бадри Есиава. Абарак ҟазшьа змоу аҩнеихагыла амца акит Абазақәа рымҩа 13 аҟны, цәыббра 19 асааҭ 14:00 рзы ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Аҭыԥ ахь иаарласны инеиит Аԥсны АҶА амцарцәаҩцәа рыхәҭа. Абылраан ахыб абжа еилаҳаит. Иҟоу адыррақәа рыла ԥсыҭбара ҟамлеит.

Инхоз руаӡәы ишиҳәаз ала арыцҳара аныҟалоз аамҭазы аҩны иҟаз иараӡәк иакәын. Амца зкыз ахыбра дандәылҵуаз адокументқәа рышьҭыхра дахьӡеит.

Амцакра мзызны иамоу макьаназы ишьақәыргылам.

Амцарцәаҩцәа амцакра дырцәеит.

Аҟәа ақалақь аҿы амцакра аҭыԥ аман