Иран ААР: ЕАА асанкциақәа арҭбаауазар уи економикатә терроризмуп

ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпео аҳәамҭа ҟаиҵеит Иемен жәылара мҩаԥгамызт ҳәа, ахарагьы Иран иадиҵеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 19- Sputnik. Иран Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Мохаммад Џьавад Зариф Дональд Трамп Тегеран аганахь ала асанкциақәа рырҭбаара ҟалоит ҳәа ииҳәо атәыла ауааԥсыра ишырҿагыло иҳәеит, "економикатә терраризмуп" ҳәагьы ахиҳәааит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

ЕАШ Иран иадҟанаҵалаз асанкциақәа ирыхҟьаны анефҭ ахәԥса каҳауам

"Аекономикатә еибашьра ӷыӷго Еиду аштатқәа Иран ауааԥсыра ирҿагылоит. Дональд Трамп афинансқәа рминистр адҵа ииҭеит асанкциақәа ирҭбаарц. Ари иаанаго ЕАА иҟарҵо иазхәыцны иҟарҵоит ауп, хықәкны ирымоугьы ауааԥсыра аԥсгарҭа рымҭароуп. Аекономикатә терроризм азакәаншьаҭа амаӡам", - иҳәеит Зариф.

Асабшаҽны Саудтәи Аравиа анефҭҵхырҭақәа руак аҿы аԥырҩы дызҭам аҳаирплан ажәылара иахҟьаны амцакра ҟалеит. Ажәылара ашьҭахь Саудтәи Аравиа анефҭҵхра ланарҟәит 5,7 миллион баррель рҟынӡа. Абжьааԥны уахыки-ҽнаки рыла 9,8 миллион баррель иартәон.

ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпео аҳәамҭа ҟаиҵеит Иемен жәылара мҩаԥгамызт ҳәа, ахарагьы Иран иадиҵеит.

Иран ААР ари мап ацәнакит.