Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра амш азгәарҭоит

Аахыҵ Уаԥстәылатәи Асоветтә демократиатә республика Асовет Еидгыла иалахәны ашьаҭаркра рылаҳәан 29 шықәса раԥхьа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Ахәашаҽны Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭоит республикак аҳасаб ала ашьаҭаркра 29 шықәса ахыҵра.

Традициак аҳасаб ала ари амш азгәарҭоит Цхинвалтәи агарнизон ар рпарад ала. Сынтәа аруаа шьаҿеиқәшәала Московскаиа амҩа ианысуеит. Уаанӡа апарад ахьымҩаԥыргалоз – Атеатр Ашҭаҿ аргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.

Ахьыԥшымра Амш азгәаҭараан арахь иааиит Донецктәи Жәлар рреспублика аделегациа. Апарад ашьҭахь имҩаԥгахоит VI Жәларбжьаратәи амилаҭ-культуратә фестиваль-еиндаҭлара "Ирон бæгæны-2019" афиналбжа, иара убасгьы СКФО асимфониатә оркестр аконцерт.

Ареспублика Амш ауснагӡатәқәа хыркәшахоит аныҳәатә феерверк ала.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла аиҳабыра рхада Ерик Пухаев.

Адныҳәалараҿы Аԥсны аиҳабыра рхада иазгәеиҭеит ари арыцхә ахақәиҭреи, аҭынчреи, амарымажареи иршьананы ишыҟоу.