Амчреи аоппозициааи рыдгылаҩцәа реизарақәа ҭынчрыла имҩаԥысуеит

Амчыбжь аҩныҵҟа хымшуп Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициаа рхада Алхас Кәыҵниеи рыдгылаҩцәа аҳҭнықалақь аҿы еизоижьҭеи.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Цәыббра 20 рзы атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа 200-ҩык инарзынаԥшуа идгылаҩцәа еизаны иҟоуп ҳәа ааицҳауеит Sputnik Аԥсны акорреспондент.

Ауаажәларратә акциақәа рымҩаԥысраан амилициа ашәарҭадара хылаԥшра арҭоит

Иара убри аҟара ауаа еизаны иҟоуп аоппозициа ахада Алхас Кәыҵниа иганахьалагьы. Урҭ ақалақь апаркқәа руак аҿы игылоуп.

Ауаа азыԥшуп Иреиҳаӡоу Аусӡбамҭа алкаақәа.

Ауаа рацәа анахьгьы арахьгьы еизаны ишыҟоугьы зегь ҭынчрала имҩаԥысуеит. Атәыла ахада Иусбарҭахь инагоуп азинмчратә органқәа русзуҩцәа.

Цәыббра 20 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа аусура иаҿуп Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ инамаданы.

Иацтәи аилатәараан ирзыӡырҩын аҭакҳәаҩи ашаҳаҭцәеи, аха аҩыратә рҵабыргыгақәа рыҭҵаара иахьымӡеит.

Амчреи аоппозициааи рыдгылаҩцәа реизарақәа ҭынчрыла имҩаԥысуеит

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: