Аԥсны ахада Ихраҿаз: цәыббра 29 рзы аҽырыҩрақәа мҩаԥысраны иҟоуп

Аԥсны ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩрақәа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 29 рзы Бзыбтәи аипподром аҿы. Аҽырхәмаррақәа ирыҵаркуеит аҵәыршәреи аҽымпыли.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Ихраҿа агаразы аҽырыҩрақәа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 29 рзы Бзыбтәи аипподром аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҽтәы спорт Афедерациа ахада Аслан Камлиа.

"Ҳара арҭ аицлабрақәа мҩаԥаагараны ҳаҟан нанҳәамзазы, аха аполитикатә процессқәа ирхырҟьаны иахаагеит. Цәыббра 29 рзы Бзыбтәи аипподром аҿы имҩаԥгахоит", - азгәеиҭеит Камлиа.

Убри аан иазгәеиҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азы ареспубликаҿы аҽырыҩратә еицлабрақәа азыԥхьагәаҭам ҳәа.

Аҽырхәмаррақәа ирыҵаркуеит аҵәыршәреи аҽымпыли.

Камлиа иҳәеит жьҭаарамзазы ишазыԥхьагәаҭо аиндаҭларақәа. Урҭ рылахәхаразы алахәылацәа рҭаҩра ишаламгац.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аҽырыҩра Кәтолаа рыҟны
  • Аслан Камлиа: аԥсуа аҽырыҩра аҭоурых аҟны иҟамлацызт ари аҩыза алҵшәа бзиақәа