Аԥсны ажәлар ракзааразы анцәаиашьапкра мҩаԥган

Аиашахаҵаратә уахәама амаҵзуҩцәа ажәҩан ахь ихаргалеит Анцәа иан лсахьанҵеи Иерусалимнтәи иаагаз аџьари.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама амаҵзуҩцәа аҳауаҟынтә Аԥсны ауахәамақәа аӡыԥшьала иԥшьо иахысит цәыббра 19 рзы.

Sputnik Аԥсны акорреспондент дзыҿцәажәаз Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада Аб Виссарион (Аԥлиа) иҳәеит ӡыԥшьала ишыԥшьаз Пицунда, Илыр, Бедиа, Мықә, Лыхны, Аҟәа, Каман, Афон ҿыцтәи ауахәамақәа.

Анцәаиашьапкра азырхан ареспубликаҿы аҭынчра ашьақәыргылареи аилибакаареи, аимак-аиҿак аԥырхреи.

"Асеиԥш атәылаҿ аибарххарақәа аныҟоу ҳара еснагь Анцәаиашьапкра мҩаԥаагоит. Уахәамацыԥхьаӡа имҩаԥаагоит. Уажәазы иҟалеи аҭагылазаашьа ажәҩан ахь ҳхаланы Иаҳхылаԥшхәу ҳимҵаныҳәарц. Ус иагьыҟаҳҵеит", - иҳәеит иара.

Аиашахаҵаратә уахәама амаҵзуҩцәа ажәҩан ахь ихаргалеит Анцәа иан лсахьанҵеи Иерусалимнтәи иаагаз аџьари.