Асовет аамҭақәа рзы аԥара ззалаз рԥарақәа рыздырхынҳәырц азы асиақәа шьақәдырӷәӷәеит

Иааидкыланы асиахь иаҵанакит 245-ҩык ауааԥсыра. Азеиԥшшәара иартәоит х-миллион мааҭ инареиҳаны аԥара.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿ иаԥҵаз акомиссиа ишьақәнарӷәӷәеит асовет аамҭақәа рзы, нанҳәа 14, 1992 шықәсанӡа аԥаратә лагала змаз ауааԥсыра рсиа. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Акомиссиа алахәылацәа ишьақәдырӷәӷәеит акомпенсациа шәаразы ҩ-сиак.

Абанк аԥара ззалаз ауаа рсиақәа Аминистрцәа Реилазаараҿы ишьақәырӷәӷәоуп

Актәи асиахь иаҵанакит мшаԥы 1, 2003 шықәса инаркны ажьырныҳәа 20, 2004 шықәсанӡа аҽҭаҩра иахысыз. Арахь иарбоуп 97-ҩык. Урҭ ирызшәатәуп миллионки 99 нызқь мааҭ. Аҩбатәи асиахь иаҵанакуеит мшаԥы 6 – лаҵара 29 2015 шықәсанӡа ашәҟәы зыҽҭазгалаз ауаа. Арахь иарбоуп 148-ҩык. Урҭ ирызшәатәны иҟоуп миллионки 161 нызқь мааҭ аԥара.

Атәылауаа рыԥхьаӡамҭақәа рахь аԥарақәа нашьҭхоит абри амчыбжь инаркны.

1998 шықәса рзы Аԥсны ахада инапы аҵеиҩит Аусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахырҭатә банк аусура алагаразы ауснагӡатәқәа рзы". Уи инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахахьы иагон СССР Аҵәахырҭатә банк ауалԥшьақәа.

2011 - 2018 шықәсқәа рзы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи акомпенсациа роуит 12 нызқьҩык ауаа. Ишәан 170 миллион мааҭ.