Ауаажәларратә акциақәа рымҩаԥысраан амилициа ашәарҭадара хылаԥшра арҭоит

Цәыббра 20 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа аусура иацнаҵеит Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ инамаданы. Иацтәи аилатәараан ирзыӡырҩын аҭакҳәаҩи ашаҳаҭцәеи, аха аҩыратә рҵабыргыгақәа рыҭҵаара иахьымӡеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауаажәларра-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥысраан амилициа аусзуҩцәа ашәарҭадара хылаԥшра арҭоит ҳәа рҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аусзуҩцәа.

Иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҿы иалагеит Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ала аӡбаҩцәа реилатәара

"Ауаажәларра-массатә уснагӡатәқәа рымҩаԥысраан Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амилициа аусзуҩцәа ашәарҭадара хылаԥшра арҭоит", - рҳәеит аминистрраҿы.

Амилициа аусзуҩцәа рнапынҵақәа мҩаԥыргоит Аӡбарҭа ахыбра аҵакыраҿы.

Атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа шьыжьнаҵы Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа аизара иалагеит. Урҭазыԥшуп Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аҵыхәала ирыдыркылараны иҟоу аӡбамҭа.

Алхас Кәыҵниа идгылаҩцәа ракәзаргьы ақалақьтә парк "Алакә" иахьаҵанакуа рҽеизакны иҟоуп.

Цәыббра 20 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа аусура иаҿуп Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ инамаданы.

Иацтәи аилатәараан ирзыӡырҩын аҭакҳәаҩи ашаҳаҭцәеи, аха аҩыратә рҵабыргыгақәа рыҭҵаара иахьымӡеит.