115 шықәса раԥхьа, цәыббра 20, 1994 шықәсазы аурыс император Николаи аҩбатәи иқәҵарала ақалақь ауааԥсыра аҵаралашара радԥхьаларазы иаартын Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭа, иахьа уи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь ауп.
Аҵараиурҭаҟны еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы рҵаҩцәас аус руан Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Дырмит Гәылиа, аҵарауаҩ Андреи Ҷоҷуа, уи аушьҭымҭацәа иреиуоуп ашәҟәыҩҩы Миха Лакрба, аҭоурыхҭҵааҩ Симон Ашәхацаа.
"Ҳколлеџь еиҳарак атехникатә хырхарҭа амоуп. Азанааҭқәа быжьба рыла аҵара дҳарҵоит. Иахьазы хышәҩык инарзынаԥшуа астудентцәа ҳамоуп. Урҭ аҵара ддырҵоит зыҩыӡара ҳараку 30-ҩык арҵаҩцәа. Ус хыхь-хыхь уахәаԥшуазар ҳколлеџь аҟны зегь маншәалоуп, аха 115 шықәса зхыҵуа аҵараиурҭа ахыбра, аибашьра еилгеижьҭеи зныкгьы арҽеиратә усурақәа мҩаԥырымгацт. Убри аан аибашьраан (Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра -аред.), ахыбраҟны ақырҭцәа рыштаб ыҟан. Иахьыҩнахысуаз актәи аихагылаҟны иахьагьы иубарҭоуп. Ҵыԥх ахыбраҟны аибашьра ахаантәи арҭҟәацгак рбеит. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны знызаҵәык ахыбра ԥсахын, уигьы ахәҭак ауп. Ахыбраҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара анаҩс иаҳҭахуп алабораториақәа, астудентцәа аҵаратә –практика иахьахысша", - лҳәеит Габлиаԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Раԥхьатәиқәа иреиуоу: Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь иаци иахьеи
Аҟәа ахаҿра зырбеио: ақьырмыт иалху архитектуратә ҭынха